Гинцбург: аковидшьҭахьтә синдром аан алаҵа апациент иҭагылазаашьа еиӷьнатәыр алшоит

Sputnik
АҞӘА, 31 окт – Sputnik. Гамалеи ихьӡ зху Урыстәыла Аепидемиологиеи амикробиологиеи рмилаҭтә ҭҵаарадырратә центр аиҳабы Александр Гинцбург иажәақәа рыла, аковидшьҭахьтә синдром аан акоронавирус аҟынтәи алаҵа апациент иҭагылазаашьа еиӷьнатәыр алшоит ҳәа агәаанагара имоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Иахьа уажәраанӡа инагӡаҵәҟьаны еилкааӡам аковидшьҭахьтәи асиндром ҳәаақәызҵо. Аиммунтә комплексқәа реикәшара акәзар ҟалап, урҭ еиуеиԥшым амжьыжькрақәа цәырыргоит, аҷаҷақәеи егьырҭ ацәеижьхәҭақәеи русура еиланагоит. Убри азы аиммунитет арӷәӷәара иабзоураны урҭ аиммунтә комплексқәа еиҳа имаҷхоит, уи ус акәҵҟьазар, аковидшьҭахьтәи асиндромгьы иаҳа иарԥсыҽуеит", - иҳәеит Гинцбург, алаҵаҟаҵара аковидшьҭахьтәи асиндром аан апациент иҭагылазаашьа еиӷьнатәыр алшома ҳәа азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
Убри аан иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ари атемала аексперименталтә усура ҳәа макьана акгьы мҩаԥырымгацт, уи инарҵауланы иҭҵаатәуп.
Аҳақьым аковидшьҭахьтә синдром аиааишьас иҟоу иҳәеит