Аҳақьым аковидшьҭахьтә синдром аиааишьас иҟоу иҳәеит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация в Гостином дворе
Вакцинация в Гостином дворе - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҳақьым Горелов излаиҳәо ала, аковидшьҭахьтәи асиндром змоу апациентцәагьы алаҵа марианы ирхыргоит, акоронавирус зхызымгац реиԥш.
АҞӘА, нанҳәа 28 авг - Sputnik. Алаҵаҟаҵара аковидшьҭахьтә синдром иаиааиуеит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Роспотребнадзора Аепидемиологиатә институт аҭҵаарадырратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла Александр Горелов.
Автограф-сессия К. Богомолова в центре вакцинации от COVID-19 в Гостином дворе - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2021
Аҵарауаа ишьақәдыргылеит алаҵа ашьҭахь акоронавирус зласыз рыпроцент
Иара ишазгәеиҭаз ала, апостковид синдром змоу апациентцәагьы алаҵа марианы ирхыргоит, акоронавирус зынӡа измыхьыц реиԥш.
"аковидшьҭахьтә синдром ииасуеит алаҵа актәи адоза ашьҭахь, абри шьақәзырӷәӷәо адырра қәа ҳауит, уи иаанаго апациентцәа ргәалаҟара еиӷьхоит ауп. Ажәакала, алаҵаҟаҵара аковидшьҭахьтә синдром уацәызыхьчо акоуп ", — иҳәеит Горелов.
Иара иажәақәа рыла, акоронавирус зхызгаз рзы реиҳа иманшәалоу аамҭоуп шықәсыбжак ашьҭахь алаҵа ҟарҵар, избан акәзар усҟан  COVID-19 ацәеижьҿагылақәа ртитр лаҟәуеит. Аҵарауаҩ иҳәеит, шықәсыбжак ҟалаанӡагьы агәыр ҟауҵар уи акагьы иаԥырхагам ҳәа.
Урыстәыла иахьазы акоронавирус апрофилактиказы алаҵақәа хәба ашәҟәы иҭагалоуп: "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак", "Спутник Лайт" и "ЭпиВакКорона-Н".
Ажәабжьқәа зегьы
0