Арадио

Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп: Малиа аԥсуа ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьа иазкны

Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан инхо Валери Малиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, иахьатәи аамҭаз ауаа ақыҭаҿы аӷьараҳәа инхаразы лшарас ирымоу, асовет аамҭаз ишыҟаз иаҿирԥшит, ақыҭа аҭацәра азҵааразы игәаанагара дазааҭгылеит.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.