"Алекциақәа хымш ицон. Аԥхьатәи амш азы урҭ рымҽхак акыр иҭбаан. Ирацәан ҿыц исаҳаз, иаҳҳәап, шьҭа аинформациа аизгараан издыруеит иарбан еиҳарак хырҩа зысҭаша. Даара гәахәарыла исыдыскылеит (арккаратә проект -азгәаҭа)", - лҳәеит Шьониаԥҳа.
Ажурналист изанааҭ анапахьы аагаразы, аԥышәа аизырҳаразы Аԥсны анҭыҵ раԥхьа дызлахәыз проектоуп SputnikPro ҳәа азгәеиҭеит ателехәаԥшраҟны еиуеиԥшым адырраҭарақәа мҩаԥызго Наур Гәынба.
"Ааԥхьара ансырҭа, аиашазы, азнаказы сақәшаҳаҭхару ҳәа схәыцуан, избанзар сара занааҭла сжурналистӡам, акадр анҭыҵ уиаҟара аус сымуцт, уахь еиҳарак инарԥхьоз иҩуа ажурналистцәа ракәын… Даара исгәаԥхеит, иҵегьы алшара ҟалозар, лакҩакрада сақәшаҳаҭхоит", - иҳәеит Гәынба.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Арҵаратә программа SputnikPro – урыстәылатәи амедиамениџьерцәеи амассатә информациатә хархәагақәеи рҟны аԥышәа змоу аҟазауааи имҩаԥырго аӡыргарақәеи амастер-классқәеи рсериоуп.
Апрактикатә аҟазаратә-классқәа раан ажурналистцәа ҿарацәа Sputnik аекспертцәа рнапхгарала амедиа аҿаԥхьа иқәгылоу еиуеиԥшым аусхкқәа аус рыдыруылоит.
Апрограмма SputnikPro аус ауеижьҭеи рҽаладырхәхьеит 80 тәыла рҟынӡа.