ЕАА АҲМ Амшын еиқәахь ахы археит НАТО апартниорцәа рҽазыҟаҵарақәа ирылахәхарц

Америкатәии натои ркомандаҟаҵара ирыланаҳәеит Адгьылбжьаратәи амшыни Амшын еиқәеи рҿы жьҭаара анҵәамҭаз арратә ҽазыҟаҵарақәа ишрылаго.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik. Флагман ЕАА АҲМ афбатәи афлот афлагман Mount Whitney Амшын еиқәахь инеиуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости афлот твиттер аҿтәи адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Америкатәи аесминец Амшын еиқәа иҭалеит
"Mount Whitney Амшын еиқәахь ахы археит НАТО ала апартниорцәеи адгылаҩцәеи имҩаԥырго аоперациа иалахәхарц", - ҳәа аҳәоит твиттер аҿы.
Аӷбаҿ иҟоуп Афбатәи афлот аштабқәеи Арра-мшынтә мчрақәеи русзуҩцәа.
Америкатәии натои ркомандаҟаҵара ирыланаҳәеит Адгьылбжьаратәи амшыни Амшын еиқәеи рҿы жьҭаара анҵәамҭаз аоперациақәа ишрылаго азы.
Ҩымш раԥхьа Амшын еиқәа аӡқәа ирҭалеит америкатәи аесминец "Портер", амҵәыжәҩа змоу аракетақәа ақәыргыланы. Ари ирылаҳәаз аоперациа иадҳәалоу иадҳәаламу еилкаам. Аесминец иашьклаԥшуеит Амшын еиқәа афлот амчрақәа.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иазгәеиҭеит ЕАА имҩаԥнаго аусқәа аҭышәынтәалара ишазырхам, аха Урыстәыла урҭ раԥырҟәҟәаара шалшо.
Лавров НАТО Амшын еиқәаҿы абазақәа раартраз агәҭакы ахәшьара аиҭеит