АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Оксфордтәи ажәар ажәа "алаҵа" (vax), уи иахылҿиаауа ажәақәеи 2021 шықәсазы ихадоу ажәа ҳәа иалнакааит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости британиатәи ажәар адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Алаҵа" (vax) - 2021 шықәса ажәа хада ауп. Ҳлексикографҵәа англыз бызшәа ахәҭақәа ҭырҵаауа ианалага еилкаахеит "алаҵа" (vax) - иналукааша ажәаны ишыҟоу", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҵарауаа иазгәарҭеит ари ажәа сынтәанӡа Оксфордтәи ажәар ахәҭаҿы имаҷны ахархәара шамаз. Сынтәа, цәыббрамзазы ари ажәа 72-нтә еиҳаны лассы-лассы иуԥылон 2020 шықәса абри аамҭазы аасҭа.
2020 шықәсазы Оксфордтәи ажәар ашықәс ажәа алхра алымшеит. Аиҳарак ахархәара змаз "акоронавируси" COVID-19 иацызи ажәақәа - локдаун, асоциалтә дистанциа, furlough (акоронавирус акризис иахҟьаны усурҭада иаанхаз рыулафахәы рызшәара), аббревиатура WFH (work from home – аҩнынтә аусура) роуп. Ауаа рлексика аиҳарак анырра азҭаз хҭысқәаны иҟоуп аекологиатә рыцҳарақәа, асоциалтәии аполитикатәии процессқәа, акоронавирустә апандемиа.