Путин ЕАА аӷбақәа Амшын еиқәаҿы рыҟазааразы: ахараԥшыгала ҳахәаԥшып, ма акылыԥшырҭа ала

Америкатәии НАТОи ркомандаҟаҵара ирыланаҳәеит Адгьылбжьаратәи амшыни Амшын еиқәеи рҿы жьҭаара анҵәамҭаз арратә ҽазыҟаҵарақәа ишрылаго. Ҩымш раԥхьа Амшын еиқәа аӡқәа ирҭалеит америкатәи аесминец "Портер", амҵәыжәҩа змоу аракетақәа ақәыргыланы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ахҳәаа аиҭеит Амшын еиқәа аӡқәа рахь америкатәи аибашьыга ӷбақәа рҭалара, иҳәеит иҟалоит ахараԥшыгала ҳахәаԥшыр мамзаргьы акылыԥшырҭа ала ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Уажәгьы ишыжәдыруа еиԥш ЕАА аӷба Амшын еиқәахь иааит. Ҳара иҳалшоит ари аӷба ахараԥшыгала ҳахәаԥшыр мамзаргьы акылыԥшырҭа аҟынтәи.
ЕАА АҲМ Амшын еиқәахь ахы археит НАТО апартниорцәа рҽазыҟаҵарақәа ирылахәхарц
Mount Whitney Амшын еиқәахь ахы археит НАТО ала апартниорцәеи адгылаҩцәеи имҩаԥырго аоперациа иалахәхарц, аҳәоит Америкатәи Арра-мшынтә флот Twitter аҿтәи адаҟьаҿы.
"Ԥхьаҟагьы иахәҭаны иҟоуп аҳауа-космостә хьчара аиӷьтәра. Ари тәылақәак рҿы аамҭа ццакыла ажәыларақәа аус рыдуылараз имҩаԥырго аусурақәа ирыдҳәалоуп. Ари аҭахуп арра-политикатә ҭагылазаашьа, НАТО авиациа Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара рыԥырра, Балтикатәи амшыни Амшын еиқәеи рҿы Алианс ӷбақәа, аракетатә бџьар змоу рцәырҵра", - ҳәа иҳәеит Путин аилацәажәараҿы.
Уаанӡа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иазгәеиҭеит ЕАА имҩаԥнаго аусқәа аҭышәынтәалара ишазырхам, аха Урыстәыла урҭ раԥырҟәҟәаара шалшо.
Лавров НАТО Амшын еиқәаҿы абазақәа раартраз агәҭакы ахәшьара аиҭеит