Аҳақьым иазгәеиҭеит COVID-19 аан ихәарҭам ахәшәқәа арбақәан

Хәшәқәак акоронавирус аан еиҳа иуԥырхагахар ҟалоит иухәарҭахар аасҭа ҳәа азырыԥхьаӡоит амедусзуҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аҳақьым-терапевт, ФМБА аоториноларингологиа Амилаҭтә медицинатә центр аҟәша аиҳабы Александр Мельников Facebook аҿы дрылацәажәеит акоронавирустә инфекциа аҩны ахәышәтәраан зыдкылара ҟамло ахәшәқәа.
COVID-19 аан акортикостероидқәа шрыдыркылогьы урҭ ацхыраара аасҭа аԥхасҭа аныҟарҵо ыҟоуп ауаҩы ицәеижь азы.
Акортикостероидқәа аҭахуп ачымазаҩ иҭагылазаашьа иаҿырԥшны ахәышәтәырҭахь данрызнамго, аҩны данырхәышәтәуа. Аха убри аан ахәшә ахҟьаԥҟьақәа ртәы ачымазаҩ ирдыртәуп.
Меликов авирусҿагыларатә хәшәқәагьы дрылацәажәеит акоронавирус аан. Иара иажәақәа рыла, макьаназы иҟам хәшәык амбулатортә ҳасабла ауаа рыхәышәтәразы.
Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 ахәшәтәразы иҭаҵәахыу ахәшәқәа ртәы ирзааҭгылеит
Аҟазауаҩ антибиотикқәа дрыхцәажәо иҳәеит:
"Амбулатортә ковид аан антибиотикқәа рыдкылара ҟалом. Акоронавирус антибиотик анырра анаҭом. Цәгьарамзар бзиарак узыҟарҵом", - ҳәа иҳәеит Мельников.
Иара иажәақәа рыла, антибиотикқәа COVID-19 аан ареанимациатә ҟәшақәа рҿоуп рхархәара ахьалшо ма абактериалтә инфекциа акоронавирус ианацу.
Иара убасгьы Мельников иазгәеиҭеит авитаминқәа С, D, B, К, E, ацинк уҳәа аминералтә маҭәашьарқәа коронавирус аан рыхәарҭара макьаназ ишышьақәырӷәӷәам.