Аԥсны

Аԥсны АШәМ Аинвестпрограмма - 2015-2017 аобиектқәа рҿы аилагарақәа аанарԥшит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала Аԥсны АШәМи Акапиталтә ргылараз Аусбарҭеи имҩаԥыргаз агәаҭарақәа иаадырԥшит Аинвестпрограмма аобиектқәа рҿы зхаҭабзиара лаҟәу аусурақәа шымҩаԥгаз.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура иаанарԥшит 2015-2017 шықәсқәа рзы Аинвестпрограмма аплан иалаз аобиектқәа рҿы аилагарақәа. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура асаит.
Адырраҭараҿы ишазгәаҭоу ала, иахәҭаз аҭахрақәа ирықәшәом аҳәынҭқарратә ҳәаа иаԥну Ԥсоу аӡиас аҟәара арӷәӷәашьа.
Ҭемыр Агрба Аинвестпрограмма 2020-2022 анагӡашьаз аҳасабырба ҟаиҵеит
Агхақәа аарԥшуп Очамчыра араион аҿгьы. Уаҟа амҩақәа: Џьонуа, Шьынқәба, Ваинахтәи, Папасқьыр, Ладариа рҿы аӡцарҭеи ацрыҵцарҭатә цәаҳәақәеи еиҭашьҭаҵан.
"Аҭакԥхықәра здыз аилахәырақәа рнапхгаҩцәа ирыҿцәажәан. Аамҭа рыҭан ахыбрақәа рҿы авариатә ҭагылазаашьа аԥырхырц. Иара убасгьы иазырхиан аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рыплан", - аанацҳауеит АШәМ.
Аобиектқәа рыргылараан иҟаз агхақәа иахьатәи аамҭазы шьаҭанкыла рҭыԥ иқәҵоуп.
Аԥсны АШәМ Акапиталтә ргылара аусбарҭа аҟазауаа ирабжьнагеит Ԥсоу аӡиас аҟәара ԥхьаҟа абгара алмыршаразы аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭаларц.
Аслан Бжьаниа иҳәеит аинвестпроектқәа рынагӡашьа хаҭала хылаԥшра шаиҭало