Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩ Шәача иус рыӡбеит анырра ӷәӷәаны иҟазҵо амаҭәашьарқәа аҳәаа рахыгаразы

Ахаҵа хышықәсеи мызки иқәҵоуп азеиԥш режим иатәу ариашаратә колониаҿы ихгаразы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ Шәача иус рыӡбеит анырра ӷәӷәаны иҟазҵо ишҳаму, ашьыга ахәшә злоу амаҭәашьарқәа изакәанымкәан аҳәаа ахыгаразы. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа Краснодартәи атәылаҿацәтәи апресс-маҵзура.
Шәача, Адлертәи араионтә ӡбарҭа Аԥсны атәылауаҩ хышықәсеи мызки иқәҵаны дҭаркит азеиԥш режим иатәу ариашаратә колониаҿы ихгаразы.
Иара даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" автомашьына ныҟәарҭатә цәаҳәаҿы Урыстәылантә Аԥсныҟа даниасуаз.
Ахаҵа идбалан 34 капсула "Pfizer PNG 300". Аексперт-криминалистикатә центр ишьақәнаргылеит имхыз амаҭәашьар "прегабалин" шакәыз.
Азыӡба иахашшаан, аха аӡбарҭа еиҭакрада иааннажьит.