Арадио

Габилаиа аковид ԥкрақәа реилагаразы: ахьырхәра ҟамлар, ауадаҩрақәа хара ҳаргәылархалоит

Ачымазара ҿкы аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу, иалагалоу аԥкрақәа ахылаԥшра ахьынӡарымоу, аилагарақәа зыхҟьо дырзааҭгылеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габилаиа.
Sputnik
Аԥсны ҩышықәса ирҭагӡаны аковид чмазара аҟынтәи атәыла ахәшәтәырҭақәа рҟны зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара 460-ҩык иреиҳауп. Аҳәынҭқарраҟны иалагалоу аԥкрақәа иахьынӡарықәныҟәо, насгьы урҭ рынагӡашьа знапы иану, ахылаԥшра ахьынӡамоу, ачымазара ҿкы аганахьала араион аҟны аҭагылазаашьа шыҟоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габилаиа.
"Абриаҟара ауадаҩра шцәырнагогьы, аԥсыҭбарақәа шыҟоугьы, ҳауаажәлар рхы-ргәы аҟны иааганы аԥҟарақәа рықәныҟәара даараӡа ирцәыуадаҩуп, ирықәныҟәаӡом. "Зызҩа зӡаз иан дагеит" ҳәа аԥсуаа ирҳәо аҟны ҳааины ҳаҟоуп. Аабыкьа аԥсшьарамшқәа рзы ҳраион аҟны Аӡҩыбжьа ақыҭан ачарагьы руит. Ачара абзиара иазҳәоуп, ԥсҭазаароуп, ҳәарада, аха абас еиԥш аҭагылазаашьаҟны иахьакәым иаҳа-иаҳа ҳкылнагоит. Аԥҟарақәа ирықәныҟәо ыҟоуп ауааԥсыра, ҳәарада, аха убри аан иҟоуп аилагарақәа, рацәак аҳәатәхамҵара. Абас еиԥш ауадаҩрақәа ҳамоуп", - иҳәеит Габилаиа.