Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагбеи Габниеи Амшын еиқәаҿы НАТО имҩаԥнаго аичырчара иазкны

Амшын еиқәаҿы даҽазнык НАТО иатәу аесминец ахы цәырнагеит. Аполитолог Беслан Ҳагбеи Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура амаӡанаҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Гиви Габниеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит ас еиԥш иҟоу апровокациақәа аҵыхәтәаны икылсыр ахьалшо.
Sputnik
Амшын еиқәаҿы даҽазнык НАТО иатәу аесминец ахы цәырнагеит. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иазкым.
"Асовет еидгыла еилаҳаижьҭеи Амшын еиқәа аӡҭачы акәша-мыкәша ирацәаны акризисқәа ахылҿиаауа иалагеит. Иара хықәкыс иамоу Урыстәыла ашьапы ақәырҟьароуп. Ргәырҽанҵара, дара шыҟоу ргәалашәара, ари ҭоурыхла еснагь еимактәыс ирыман", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳагба.
Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Гиви Габниа аиҿцәажәараҿы иҳәеит, Урыстәылеи НАТОи реиҿагылараҿы Аԥсны ахы шымҩаԥнагаша.
"Арҭ ахҭысқәа зыҟалало, Урыстәыла иамоу амч аилкааразоуп, еиуеиԥшым аичырчарақәа рҿы рхы шымҩаԥырго иахәаԥшуеит. Ҳәарада, ари ашәарҭара ацуп, избанзар атәылақәа ирымоу абџьар аҩыза ҳара иҳамам. Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа шаҟа иӷәӷәаны иҟало аҟара, ҳара ҳшәарҭадара азҵаарагьы агәра угаратәы иҟалоит. Ҳара ҳаицәыхарахар, ҳшәарҭадара азҵаарагьы уадаҩхоит", - ҳәа азгәеиҭеит Габниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.