Пушкин ихьӡ зху аинститут 2021 шықәса ажәа хада аӡбахә аҳәеит

Есышықәса аинститут имҩаԥнагоит аҭҵаара "Ашықәс ажәа". Хыҵхырҭаны иҟоуп еиуеиԥшым АИХқәа, асоциалтә ҳақәа рҿы акьыԥхьымҭақәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. "Спутник" 2021 шықәсатәи ажәа хада ҳәа иалкаауп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Ашықәс ажәа рылеиҳәеит Пушкин ихьӡ зху аурыс бызшәа Аҳәынҭқарратә институт аҭҵаарадырразы аректор ихаҭыԥуаҩ, апроект "Ашықәс ажәа" анапхгаҩы Михаил Осадчи.
"Анализ ашьҭахь аԥхьатәи аҭыԥ аннакылеит ажәа "cпутник". 2021 шықәсазы уаанӡа аасҭа жәынтә еиҳаны ахархәара аҭан. Ажәа урыстәылатәи алаҵа иадҳәалоуп. Ахархәарагьы алаҵа алацәажәара иахьырԥшуп", - ҳәа иҳәеит Осадчи.
Оксфордтәи ажәар ашықәс ажәа алнакааит
Аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит ажәа "Афганистан" — иара 6,5 еиҳаны ахархәара аҭан.
Ахԥатәи аҭыԥ – "Северный поток" — 5 еиҳаны ахархәара аман. Аԥшьбатәи аҭыԥ аннакылеит ажәа "перепись", ахәбатәи — "импичмент". Уи адагьы ахархәара рацәоуп: "QR-код" (ԥшьынтә еиҳахеит), "алаҵаҿагылаҩ" (хынтә еиҳахеит), "антиваксер" (2,7 еиҳахеит).