"Есыҽны араион аҿы ашколхәыҷқәа рыбжьара аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилаҳкаауеит. Ус еиԥш аинформациа аҵара аминистррахьгьы иҳашьҭуеит. Ахыԥхьаӡарақәа изларҳәо ала, аԥсшьарамшқәа ҳԥырхагахеит, ачымазаҩцәа ацлеит аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рганахьала. Ашкол аҿы ицәгьа-ибзиа иахьынӡауа аԥҟарақәа ҳрықәныҟәоит. Убри азы ашкол ахь ианныҟәо ахәыҷқәа иаҳа ихьчоушәа сгәы иабоит, рхы ианақәиҭу аиҳа. Арҵаҩцәа рганахьала 5-ҩык ҳзацлеит. 1833-ҩык аҵара зҵо ахәыҷқәа рахьынтә 4-ҩык чмазаҩуп, 332-ҩык ахәыҷбаҳчахь иныҟәо рахьынтә - 5-ҩык", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габлиа.