Аԥсны

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь 1,4 нызқьҩык инарзынаԥшуа ачымазцәа аднакылахьеит

Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 31790-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 27001-ы ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 461-ы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь COVID-19 змоу 71,4 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра аднакылахьеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Уажәазы астационар аҿы ишьҭоуп 106-ҩык ачымазцәа.
Агоспиталь аҿы ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Агоспиталь аҿы имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа р-ПЦР-диагностика.
Урыстәылатәи амобильтә агоспиталь ахада Аԥсны русура шеиҿкаау далацәажәеит
Агоспиталь аус ауеижьҭеи ара имҩаԥыргахьеит 9 000 рҟынӡа аклиникатә ҭҵаарақәа, х-нызқь инеиҳаны ПЦР-гәаҭарақәа, зқьы инеиҳаны рентгенограмма.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааит аҩынтә раан иааит нанҳәа 18 рзы, акороначымазара зыхьуа ҳуааԥсыра рыцхырааразы.Зынӡа иара 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
Агоспиталь аҿы аус руеит 100-ҩык инареиҳаны, абригадақәа рҽеихшаны аамҭа-аамҭала иҷаԥшьоит.
Аԥсны
30 000 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп