Аԥсны

Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәоуп

Абҵара 3 рзы Аԥсны Апарламент аҿы имҩаԥысраны иҟоуп аилатәара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа – ахада Иусбарҭа, Аминистрцәа реилазаара, Апарламент рыхьчара рӷәӷәоуп.
1 / 4

Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәоуп

2 / 4

Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәоуп

3 / 4

Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәоуп

4 / 4

Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәоуп

Абҵара 3 рзы Аԥсны Апарламент аҿы имҩаԥысраны иҟоуп аилатәара. Аилатәара амшхәаԥштә иазҵаараны иҟоуп аамҭалатәи аусуралымшареи амедицина-социалтә експертизеи рымҩаԥгара ахәҭа аԥсахрақәа ралагалареи "2021 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет ази", "2021 шықәсазтәи Аԥсны Атәанчахәытә фонд абиуџьети" рзы азакәанқәа аԥсахрақәа рылагалареи.
Иазԥхьагәаҭоуп апарламенттә усутә гәыԥ аԥҵара аветеранцәа рзы азакәан апроект аус адуларазы.
Аԥсны
Бжьаниа ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит абҵара 4 рзы аҿагыларатә акциахь имнеирц
Уаанӡа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзеиԥш Хеилак Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имаҵура аанижьрацы аҿагыларатә акциа мҩаԥгахоит абҵара 4 рзы ҳәа алаҳәара ҟанаҵеит.
Абҵара 3 рзы Аԥсны ахада аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имаҵурахьы дирхынҳәит.
Аԥсны
Аԥсны апрокуратура хада аибашьра аветеранцәа рхеилак еидгыла рҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит