Аԥсны

Аԥсны аимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагеит

Аимҳәаҟынтәи асезонтә лаҵа ауаа хатәгәаԥхарала ирыларҵоит, урҭ араионтә поликлиникақәа рҿы хәыда-ԥсада ирзыҟарҵоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәаҟынтә урыстәылатәи алаҵа "Гриппол Плюс" аанагеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
Лара лажәақәа рыла, алаҵа ҟарҵар рылшоит фымз зхыҵуа инадыркны.
"Алаҵа аконсервантқәа алаӡам, уи иалоуп полиоксидони захьӡу ахәшә, уи иаҳа ирласны аиммунитет цәырнагар ауеит. Уи рыларҵарц рабжьызгоит акоронавирус зыхьхьоу ауаа, избанзар урҭ риммунитет акыр илаҟәуп", - ҳәа азгәалҭеит Скорик.
Лара иара убас иазгәалҭеит 60 шықәса ирҭысхьоу, ахроникатә чымазарақәеи аллергиеи (акәты ацил азы аллергиа змоу рыда) змоу ирыларҵар ҟалоит.
Агәабзиарахьчара аминистрра азин ҟанаҵоит ковиди аимҳәеи рзы зныкала алаҵаҟаҵара
Ахаша абҵара 3 рзы Агәабзиарахьчара аминистрраҿы аусбарҭа аиҳабы Едуард Быҭәба аилацәажәара мҩаԥигеит.
Уа иазгәарҭеит ҳазҭалаз амчыбжь азы аимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара ишалагаз.
Ахәыҷқәа алаҵа рзыҟарҵалоит Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника ахыбраҿы.
Тҟәарчал алаҵа рыларҵахьеит 150-ҩык, егьырҭ араионқәа рҿгьы хара имгакәа алаҵаҟаҵаратә кампаниа иалагараны иҟоуп.
Алаҵа шаҟа доза аагоу аӡбахә рҳәом.
"Гриппол Плюс" – аимҳәа иаҿагылоу лаҵоуп. Иара х-валенткны ишьақәгылоуп, згәы бзиоу акәтқәа рантегинқәа рҿы ирҿиоу авирусқәа А, В рыхкқәа алоуп.
Аҳақьым COVID-19 ашьҭахь аимҳәачымазара ахьанҭара далацәажәеит