Аԥсны

Делба COVID-19 иахҭынҵоу аԥара заҟа ыҟоу иҳәеит

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус рыдырбалахьеит 31980-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Ареспубликатәии аҭыԥантәии биуџьетқәа рҟынтәи 407 миллион мааҭ нырххьеит акоронавирустә инфекциа ахҽразы иҳәеит Апарламент аизараҿы афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Делба иажәақәа рыла, афинансқәа рминистрра Агәабзиарахьчара аминистрра аҭахрақәа зегь хнаҩоит.
Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 31980-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 27001-ы ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 463-ҩык.
COVID азы аныхрақәа рахь ииагахар алшоит афымцамчԥхьаӡагақәа ирзоужьу аԥара