Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Берзениа Ӷәымрышь афымцалашара ахә шахыршәаауа иазкны

"Амшынеиқәафымцамч" иаанаго арбагақәа инарықәыршәаны сынтәа ажьырныҳәа инаркны цәыббранӡа 38% роуп алашаразы еизгоу ашәахтә. Араионтә рубрика аҳәаақәа ирҭагӡаны Тҟәарчал араион Ӷәымрышь ақыҭа ахада Беслан Берзениа еиҭеиҳәеит афымцалашара ахә шахыршәаауа атәы.
Sputnik
"Алашара ахә абжеиҳараҩык зегьы иршәоит, 9-10 ҭӡы изымшәо ыҟоуп, аха анхамҩатә шәҟәаҿы иҭагалоу еиҳа ирацәоуп, инхо раасҭа. 130 ҭӡы ыҟоуп изшәо, уигьы ргәалаҟазаара шыҟоу еиԥш, зны ирымам, зны ирымоуп. Араса, амандарин аныҟоу аамҭазы инеиԥынкыланы иршәоит. Шықәсык азгьы изшәо дубап, избанзар уаҳа аагарҭа шырмоуа рдыруеит азы. 400 мааҭ роуп мызкахьы иршәо, аха уигьы рцәыцәгьоуп. Аԥара еизыргоит аконтролиорцәа, анаҩс иаадкыланы иалаҳҵоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Берзениа.