Сынтәа афеихоа анапы анадкылатәыз аамҭа хәыҷык сагхеит, исхызгаз аковид чымазара иахҟьаны, аха аҽаҩра хар амам иҳәеит Заур Аршба арадио аефир аҟны. Иара иажәақәа рыла ашықәс иалагӡаны афеихоа аҵа хынтә-ԥшьынтә ирхлатәуп, ааԥын еилыхтәуп ашьапы арҵәыга аҭалатәуп аҽаҩра бзиахарц азы.
"Аарыхырҭа Дранда иҳамоуп 9 гектарк инарзынаԥшуа. 2013 шықәсазы Аинвестициатә программала еиҭаҳҳаит аҵлақәа. Шықәсык анаҩс аҳәынҭкар данырԥсах, аԥара ашәарақәа аанкылан, аха аҩызцәа- ақәлацәа ҳаицхырааны ҳхатәы џьабаала иахьанӡа иааҳгеит, аҽаҩра ҳхы иаҳархәарц. Хар амаӡам, ибзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит, уаҵәы-уаҵәашьҭахь иҵегьы иаҳа аԥара аанагоит, 50 тонна рҟынӡа шықәсык иҭугартә иҟалоит, хә-нызқьи хышәи ҩынҩажәижәаба шьапы ыҟоуп еиҭаҳау зегьы", - иҳәеит Аршба.
Аиҿцәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.