Аԥсны

Атлетика хьанҭазы Урыстәыла аԥхьахә агараҿы Елҟан Ӷәазаа араӡны даԥсахеит

Рашәарамзазы Елҟан Ӷәазаа 18 шықәса зхыҵуа рыбжьара атлетика хьанҭазы Урыстәыла дачемпионхеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсмен Елҟан Ӷәазаа атлетика хьанҭазы Урыстәыла аԥхьахә агараҿы араӡны даԥсахеит. Абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭеилакы.
Аҭыԥҳацәеи арԥырцәеи 15-20 шықәса зхыҵуа рыбжьара аиндаҭлара мҩаԥысуеит Грозныи абҵара 1-4 рзы. Аԥхьахә агаразы Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи 400 - ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа алахәуп.
Елҟан Ӷәазаа 15-18 шықәса зхыҵуа 61 кьыла зыкапан ыҟоу рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит.
Елҟан Ӷәазаа атлетика хьанҭазы арекорд шьақәыргыланы Урыстәыла дачемпионхеит
Аԥсуа спортсмен аҵара иҵоит Казантәи Аолимпиатә абжьаратә ҵараиурҭаҿ. Иҽазыҟаиҵоит Марат Мадиаров инапхгарала.
Ӷәазаа иҽазыҟаиҵон Д.И.Чагәаа ихьӡ зху Калдахәаратәи ашкол-интернат аҟны еиҽкаау атлетика хьанта асекциаҟны СССР аспорт азҟаза, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Иасон Кьахьба инапхгарала.