"Еиуеиԥшым ахырхарҭақәа, иаҳҳәап, аспорт, абизнес, аҵарадырра знапы алаку ауаа еиднакылоит (ақыҭаҟны еиҿкаау аконгресс аҟәша-азгәаҭа). Сара Алаҳаӡытәи актәи абжьаратә школ напхгара асҭоит. Адырра сырҭеит ас еиԥш аҟәша аиҿкаара ргәы ишҭаз. Аԥхьа, ҳәарада, мап скит, избанзар ас еиԥш аиҿкаара ҭакԥхықәрала азнеира аҭахуп, снапы злаку ауси иареи сзеилымгӡар ҟалоит ҳәа сыԥхьаӡеит.
Иара аиҿкаара хықәкыс иамоу ҳажәлар реизааигәара ауп, еиҳарак адоуҳатә ҟазшьа змоу аусқәа рынагӡара аматериалтәқәа раасҭа. Ақыҭаҟны инхо џьара уск аиҿкаара хықәкыс ирымазар, ма ҭагылазаашьа уадаҩк иақәшәама, адгылара рыҭара хықәкыс иамоуп аҟәша. Амала абиуџьет рацәам зегьы ацхыраара рыҭаразы, хадаратәла адоуҳатә ҟазшьа змоу аусқәа рынагӡароуп хықәкыс иҟоу", - иҳәеит Агрба.