АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Абҵара 5 ашьыжь, сааҭк иназынаԥшуа аҳҭнықалақь агәаҿы алашара ыҟамызт, уажәы иара еиҭашьақәыргылоуп.
Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал иажәақәа рыла, уи мзызны иазыҟаз аремонттә усурақәа рымҩаԥгароуп.
Алашара ыҟамызт ақалақь агәи ателерадиоеилахәыра иахьаҵанакуеи. Иара убас абҵара 4 аахыс алашара ыҟамызт Алашарбага аҳаблан.