Аԥсны

Аҟармара абахә амҵан ахаҵа иԥсыбаҩ рыԥшааит

Аԥшьаша Тҟәарчалтәи амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәшахьы адырра ҟалеит ахаҵа иԥсыбаҩ шырбаз азы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ иԥсыбаҩ ԥшаан Аҟармара аҳабла ақәша иҟоу абахәқәа руак амҵан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Иазгәаҭоуп, зыԥсыбаҩ ԥшааз ахаҵа 1961 шықәса рзы дышиз, дҭахеижьҭегьы мчыбжьыбжак шҵуа. Заанаҵтәи аҭҵаарақәа рыла ахаҵа абахә далҟьан дыԥсит.
Аиқәырхаҩцәа иҭахаз аԥсыбаҩ иҭаацәа ирырҭеит. Иҟалаз ахҭыс азын аусҭҵаара хацыркуп.