Аҳақьым: алаҵа ҟазҵаз COVID-19 аҟазшьақәа цәырымгаӡакәан ирхыргоит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik. Алаҵа ҟазҵаз COVID-19 анрыхьуа аҟазшьақәа цәырнагаӡом, избанзар риммунитет авирус хнаҽуеит. Абри атәы РИА Новости иазеиҭалҳәеит Роспотребнадзор аексперт, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Татиана Руженцова.
"Ҳара ҳгәаҭарақәа рыла, алаҵа змоу реиҳараҩык иара аҟазшьақәа рнымԥшкәа рчымазара рхыргоит. Риммунитет рԥынҵахәлымшәаҿы авирус ннакылоит", - ҳәа лҳәоит Руженцова.
Убри аан иазгәалҭеит аиммунитет ахьымӡазар ачымазара ОРВИ аҟазшьақәа аманы ишырхырго.
Уаанӡа Руженцова илҳәахьан алаҵа ззыҟаҵоу иҟынтә акоронавирус ашьҭкаара ахыԥхьаӡара лаҟәуп ҳәа.
Гинцбург: аковидшьҭахьтә синдром аан алаҵа апациент иҭагылазаашьа еиӷьнатәыр алшоит