Урыстәыла аҿкчымазара иахҟьаны иахьазы иҟоу аԥкрақәа, Аԥсныҟа хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа аанагеит. Иофициалтәым адыррақәа рыла ари амчыбжь азы аԥсшьарҭатә ҩынқәа рҟны аҿаҵарақәа аԥхын аамҭа иаҿурԥшыр ҟалоит. Урыстәыла аԥкрақәа андырџьбаро аамҭазы ҳтәылаҿы иҟоу аԥҟарақәа асасааирҭақәа иахьырзынагӡо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сасааирҭақәак рнапхгаҩы Адамыр Мықәба.
"Хымԥада, аҳәааҟны иҟоу аҭагылазаашьа ҳахәаԥшуазар, иаҳзаауа асасцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп ҳәа ҳҳәаратәы ҳаҟоуп, аха иахьазы напхгара ззызуа аҩ-сасааирҭак рҟны ҳаззымԥшӡамыз ауаа рацәа ҳтоуп ҳҳәартә иҟамзаргьы, иаҳдыруа асасааирҭақәа рыԥшәмацәа џьара-џьара асасцәа рацәаҩны шырҭоу азгәарҭоит", - иҳәеит Мықәба.