Аԥсны

Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭаҿ еиҭарҳәеит Алашарбага аҳаблан афымцалашара аныҟало

Алашарбага аҳаблан астанциа маҷ "Аҟәа-2" аҟны аԥхасҭа ахьыҟалаз иахҟьаны лашарада иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 5- Sputnik. Алашарбага аҳаблан лашарала еиқәыршәахоит 2,5 сааҭ рыҩнуҵҟа, ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара, Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Алашарбага аҳаблан иҟоу астанциа маҷқәа рыхәҭак абҵара 4 азы лашарада иаанхеит астанциа маҷ "Аҟәа-2" аҟны аԥхасҭа ахьыҟалаз иахҟьаны.
Амашәыр ахьыҟалаз ахь анеира ауадаҩрақәа ахьамоу азы аенергетикцәа ианылашьцаз аамҭазы аԥхасҭа аҭыԥ ирзықәымҵеит. Абҵара 5 ашьыжь, аиҭашьақәыргыларатә бригада аҭыԥ ахь инеит.
Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал иҳәеит бжьаратәла аиҭашьақәыргылара алшоит ҩба-хԥа сааҭ рыҩнуҵҟа ҳәа.