УАА арезерв аԥнаҵеит арегионқәа COVID-19 рацәыхьчара ацхрааразы

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра агоспитальқәа рҿы 2,8 нызқь иара-ҭыԥ азырхиоуп акоронавирустә инфекциа змоу ауаа рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арра-медицинатә маҵзура арегионқәа COVID-19 рацәыхьчара ацхрааразы аҭаҵәах аԥнаҵеит, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Аҭаҵәах еиҿкаауп иҷыдоу ахықәкы змоу амедицинатә гәыԥқәа жәба, амобилтә госпитальқәа жәба, аҳақьым-медеиҳәшьатә бригадақәа 100 рыла. Урҭ реиҳарак ацхыраара рырҭоит акоронавирус аҽацәыхьчараҿы еиуеиԥшым арегионқәа рҿы", - аҳәоит адырраҭара.

Аҳақьым-медеиҳәшьатә бригадақәа еиҿкаауп акоронавирус змоу ауааԥсыра адиагностика рзуреи рыхәшәтәреи рҿы аԥышәа змоу ареаниматологцәа, апульмонологцәа, анестезиологцәа рыла.
Аԥсны
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь 1,4 нызқьҩык инарзынаԥшуа ачымазцәа аднакылахьеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра агоспитальқәа рҿы 2,8 нызқь иара-ҭыԥ азырхиоуп акоронавирустә инфекциа змоу рзы. 50 процент аиаратә фонд аграждантә пациентцәа рымаҵ ауеит.
"Апандемиа иаалагазар, аминистрра амчала иеиҿкаау хырхарҭарацәалатәи амедицинатә центрқәа рҿы ирхәышәтәхьеит COVID-19 ззышьақәырӷәӷәаз 10 нызқьҩык инареиҳаны аграждантә пациентцәа ", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Владимир Путин инапынҵала Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арра-медицинатә маҵзура арегионқәа COVID-19 аԥырҟәҟәараҿы ацхыраара ҟанаҵоит.