АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Атуризм азы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсныҟа абҵарамзазы атуристцәа раара зеиԥшроу.
Абҵара 1 инаркны 4 рҟынӡа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭааит хәнызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, Афонҿыцтәи аҳаԥы - хнызқьҩык инареиҳаны.
2021 шықәса иаалагеижьҭеи Риҵатәи ареликттә парк иаҭааит 700 нызқьҩык инареиҳаны атуристцза, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 400 нызқьҩык инареиҳаны.
"Шәареи ҳареи иаабоит ҳгәылара Урыстәыла иҟоу, аԥкрақәа, QR-код уҳәа акоронавирус аламырҵәаразы иалагалоу аԥҟарақәа зеиԥшроу. Хымԥада, уи ҳара ҳахь атуристцәа раара анырра анамҭар залымшеит. Цифрала иуҳәозар, абҵара 1 инаркны 4 рҟынӡа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭааит хәнызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, Афонҿыцтәи аҳаԥы - хнызқьҩык инареиҳаны. 2021 шықәса иаалагеижьҭеи Риҵатәи ареликттә парк иаҭааит 700 нызқьҩык инареиҳаны атуристцәа, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 400 нызқьҩык инареиҳаны", - ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсныҟа атуристцәа шаац иаауеит, аԥхынтәи аԥсшьаратә сезон шынҵәахьоугьы.
Уажәтәи аамҭазы Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа QR-код рымазароуп ҳәа азҵаара макьана иқәгылаӡам.
"Ари аҩыза азҵаара цәырҵыр, зегьы еилыркаауеит аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ишагхо. Атәылауаа рахьтә 80 процент алаҵа ҟарҵароуп ҳәа азҵаара ықәгылар, усҟангьы QR-код азҵаарагьы цәырҵуеит. Ҳара иаҳҭаауа аԥсшьаҩцәа ҳахьрыдҵаало, иахьҭаҳҵаауа, еилаҳкааит урҭ рыбжеиҳараҩык ма ачымазара рхыргахьеит, ма алаҵа ҟарҵахьеит", - иҳәеит иара.
Атуризм азы аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит Аԥсны атуристтә обиектқәа рҿы асанитартә ԥҟарақәа рықәныҟәашьа ишацклаԥшуа.