Аԥсны

Ҭагалан агьама: аџьынџьыхәеи ахәырмарҩеи рыҟаҵашьа

Аԥсуа фатәқәа рҟны иалкаау аҭыԥ рымоуп ашәырқәа. Урҭ ирылхны иҟарҵо ашәырӡқәеи ашәырқалмышьқәеи рнаҩсгьы, иҟоуп итрадициатәу афатәаалыхқәа: аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа, аҵәарҩа, ақалмышь уҳәа иреиуоу. Дара даҽакала "ахыжәла" ҳәа иршьоит.
Sputnik
Аҟәа инхо Ирина Кәарҷелиаԥҳа есышықәса итрадициатәу ахыжәлақәа ҟалҵоит. Аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа ҟалҵо далагеит лыстуденттә шықәсқәа рзы. Аамҭа цацыԥхьаӡа лнапкымҭақәа рзы аҿаҵа лызҭоз рхыԥхьаӡара еизҳаит Аԥсны еиԥш, уи анҭыҵгьы.
Аџьынџьыхәа аҟаҵаразы Кәарҷелиаԥҳа лхы иалырхәоит аҩызла, ашыла, араса. Ҽнак лара 200 цыра лрыԥхуеит. Ахәырма арҩаразы иҷыдоу атехника лымоуп.
Аџьынџьыхәа шыҟаҵатәу: аҩызла 5-6 сааҭ иуршуеит амца рмаҷны. Ахаара маҷзар, ашьақар ауҭоит. Ихиоу аҩыз ашыла алоуԥсоит. Даҽа 5-7 минуҭ еилауршуеит. Ақалмышь ԥшьынтә-хәынтә иӡааушьуеит уаанӡа арахәыц иахаурыԥхыз акакан-цырақәа. 5-6 мшы амра арбатәуп иԥшшарц азы. Аџьынџьыхәа аӡынра зегьы иҵәахызар ҟалоит иахьбарроу аҭыԥ аҿы.
1 / 13

Ҭагалан аԥсуа ҳәсақәа иҟарҵо ахыжәлақәа иреиуоуп аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа, аҵәарҩа.

2 / 13

Ирацәаҩуп уажәааны аҭаҵәахқәа ҟазҵо аҳәса.

3 / 13

Аџьынџьыхәа - хәыҷи-дуи бзиа еицырбо гәырхаагоуп. Ари ахаа арасеи аҩызлеи иалырхуеит.

4 / 13

Аҩызла еиладыршуеит, ашыла ма аманка аларԥсоит, ибзиангьы еиладыршуеит.

5 / 13

Аҩызла ацха еиԥш ианыҟала, акакан арыԥхра ӡаашәшьыр ҟалоит.

6 / 13

Арыԥхрақәа бзианы ақалмышь иӡаашьтәуп

7 / 13

Ақалмышь иӡааршьыз аџьынџьыхәа арҩаразы икнарҳауеит. Уи мышқәак иадхалоит.

8 / 13

Иара убас ахыжәлақәа иреиуоуп ахәырмарҩа.

9 / 13

Ахәырма ацәа ахырхуеит, ашашәала ирыԥхны, амраҟны икнарҳауеит.

10 / 13

Ибзианы иҟалахьоу алаҳа иалырхуеит алаҳарҩа.

11 / 13

Ибзианы ирҩоу алаҳарҩа аҵәахра иаздырхиоит.

12 / 13

Аџьынџьыхәеи алаҳарҩеи Ирина Кәарҷелиаԥҳа адәаҟны илырԥшшоит.

13 / 13

Ари афото аҿы - афаразы ихиоу ашәыррҩа.