Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҭагалан агьама: аџьынџьыхәеи ахәырмарҩеи рыҟаҵашьа

Анапаҵаҩра
Аԥсуа фатәқәа рҟны иалкаау аҭыԥ рымоуп ашәырқәа. Урҭ ирылхны иҟарҵо ашәырӡқәеи ашәырқалмышьқәеи рнаҩсгьы, иҟоуп итрадициатәу афатәаалыхқәа: аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа, аҵәарҩа, ақалмышь уҳәа иреиуоу. Дара даҽакала "ахыжәла" ҳәа иршьоит.
Аҟәа инхо Ирина Кәарҷелиаԥҳа есышықәса итрадициатәу ахыжәлақәа ҟалҵоит. Аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа ҟалҵо далагеит лыстуденттә шықәсқәа рзы. Аамҭа цацыԥхьаӡа лнапкымҭақәа рзы аҿаҵа лызҭоз рхыԥхьаӡара еизҳаит Аԥсны еиԥш, уи анҭыҵгьы.
Аџьынџьыхәа аҟаҵаразы Кәарҷелиаԥҳа лхы иалырхәоит аҩызла, ашыла, араса. Ҽнак лара 200 цыра лрыԥхуеит. Ахәырма арҩаразы иҷыдоу атехника лымоуп.
Аџьынџьыхәа шыҟаҵатәу: аҩызла 5-6 сааҭ иуршуеит амца рмаҷны. Ахаара маҷзар, ашьақар ауҭоит. Ихиоу аҩыз ашыла алоуԥсоит. Даҽа 5-7 минуҭ еилауршуеит. Ақалмышь ԥшьынтә-хәынтә иӡааушьуеит уаанӡа арахәыц иахаурыԥхыз акакан-цырақәа. 5-6 мшы амра арбатәуп иԥшшарц азы. Аџьынџьыхәа аӡынра зегьы иҵәахызар ҟалоит иахьбарроу аҭыԥ аҿы.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Ҭагалан аԥсуа ҳәсақәа иҟарҵо ахыжәлақәа иреиуоуп аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа, аҵәарҩа.

Ҭагалан аԥсуа ҳәсақәа иҟарҵо ахыжәлақәа иреиуоуп аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа, аҵәарҩа. - Sputnik Аҧсны
1/13

Ҭагалан аԥсуа ҳәсақәа иҟарҵо ахыжәлақәа иреиуоуп аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа, аҵәарҩа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ирацәаҩуп уажәааны аҭаҵәахқәа ҟазҵо аҳәса.

Ирацәаҩуп уажәааны аҭаҵәахқәа ҟазҵо аҳәса. - Sputnik Аҧсны
2/13

Ирацәаҩуп уажәааны аҭаҵәахқәа ҟазҵо аҳәса.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аџьынџьыхәа - хәыҷи-дуи бзиа еицырбо гәырхаагоуп. Ари ахаа арасеи аҩызлеи иалырхуеит.

Аџьынџьыхәа - хәыҷи-дуи бзиа еицырбо гәырхаагоуп. Ари ахаа арасеи аҩызлеи иалырхуеит. - Sputnik Аҧсны
3/13

Аџьынџьыхәа - хәыҷи-дуи бзиа еицырбо гәырхаагоуп. Ари ахаа арасеи аҩызлеи иалырхуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҩызла еиладыршуеит, ашыла ма аманка аларԥсоит, ибзиангьы еиладыршуеит.

Аҩызла еиладыршуеит, ашыла ма аманка аларԥсоит, ибзиангьы еиладыршуеит. - Sputnik Аҧсны
4/13

Аҩызла еиладыршуеит, ашыла ма аманка аларԥсоит, ибзиангьы еиладыршуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҩызла ацха еиԥш ианыҟала, акакан арыԥхра ӡаашәшьыр ҟалоит.

Аҩызла ацха еиԥш ианыҟала, акакан арыԥхра ӡаашәшьыр ҟалоит. - Sputnik Аҧсны
5/13

Аҩызла ацха еиԥш ианыҟала, акакан арыԥхра ӡаашәшьыр ҟалоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Арыԥхрақәа бзианы ақалмышь иӡаашьтәуп

Арыԥхрақәа бзианы ақалмышь иӡаашьтәуп - Sputnik Аҧсны
6/13

Арыԥхрақәа бзианы ақалмышь иӡаашьтәуп

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақалмышь иӡааршьыз аџьынџьыхәа арҩаразы икнарҳауеит. Уи мышқәак иадхалоит.

Ақалмышь иӡааршьыз аџьынџьыхәа арҩаразы икнарҳауеит. Уи мышқәак иадхалоит. - Sputnik Аҧсны
7/13

Ақалмышь иӡааршьыз аџьынџьыхәа арҩаразы икнарҳауеит. Уи мышқәак иадхалоит.

© Sputnik

Иара убас ахыжәлақәа иреиуоуп ахәырмарҩа.

Иара убас ахыжәлақәа иреиуоуп ахәырмарҩа. - Sputnik Аҧсны
8/13

Иара убас ахыжәлақәа иреиуоуп ахәырмарҩа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ахәырма ацәа ахырхуеит, ашашәала ирыԥхны, амраҟны икнарҳауеит.

Ахәырма ацәа ахырхуеит, ашашәала ирыԥхны, амраҟны икнарҳауеит.  - Sputnik Аҧсны
9/13

Ахәырма ацәа ахырхуеит, ашашәала ирыԥхны, амраҟны икнарҳауеит.

© Sputnik

Ибзианы иҟалахьоу алаҳа иалырхуеит алаҳарҩа.

Ибзианы иҟалахьоу алаҳа иалырхуеит алаҳарҩа. - Sputnik Аҧсны
10/13

Ибзианы иҟалахьоу алаҳа иалырхуеит алаҳарҩа.

© Sputnik

Ибзианы ирҩоу алаҳарҩа аҵәахра иаздырхиоит.

Ибзианы ирҩоу алаҳарҩа аҵәахра иаздырхиоит.  - Sputnik Аҧсны
11/13

Ибзианы ирҩоу алаҳарҩа аҵәахра иаздырхиоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аџьынџьыхәеи алаҳарҩеи Ирина Кәарҷелиаԥҳа адәаҟны илырԥшшоит.

Аџьынџьыхәеи алаҳарҩеи Ирина Кәарҷелиаԥҳа адәаҟны илырԥшшоит. - Sputnik Аҧсны
12/13

Аџьынџьыхәеи алаҳарҩеи Ирина Кәарҷелиаԥҳа адәаҟны илырԥшшоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ари афото аҿы - афаразы ихиоу ашәыррҩа.

Ари афото аҿы - афаразы ихиоу ашәыррҩа. - Sputnik Аҧсны
13/13

Ари афото аҿы - афаразы ихиоу ашәыррҩа.

Ажәабжьқәа зегьы
0