Арадио

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит аԥырхага ҟазҵо ахәаҷамаҷақәа рганахьала имҩаԥырго аус атәы

Аԥсны аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥсабареи ауааи аԥхасҭа рызҭо ахәаҷамаҷақәа ҳтәылаҟны раанкыларазы имҩаԥырго аусура, аҭагылазаашьа хылаԥшра ахьынӡамоу атәы.
Sputnik
Аҵыхәтәантәи аабаҟа шықәса Аԥсны иқәнагалаз ахәаҷа-маҷақәа рхыԥхьаӡара 9-10 хкы рҟынӡа инаӡоит, араҟа ирԥышькласо амзыз ҟамлеит, аҳауа ашьақәгылашьа ргәы иақәшәаны "уамашәа иҿиеит", ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны аекологиа аҳәынҭкарратә еилакы ахантәаҩы Савелии Ҷыҭанаа.
"…Даараӡа аԥхасҭа ӷәӷәа ҳауит ашыц аганахьала. Иран, Ҭырқәтәыла, Европа аладахьы зегьы ироуит ааха ӷәӷәа, ҳгәыларатә Урыстәыла ашыцра ахьыҟаз зегьы ԥсит. Ҳара акызаҵәык ҳалҳаршеит- аҳәынҭқарра аҟынтәи ахәшәтәра азин ҳауит. Уи иабзоураны Бзыԥ аҩхааҟны ашыц еиқәырханы иҟоуп. Аԥхьатәи ашықәсқәа рзы шықәсык хәынтә- бжьынтә иаҳхәышәтәуазҭгьы, сынтәа ҩынтә роуп инаҳхәшәтәы. Уи иаанаго ашыц ԥырхага азҭо рхыԥхьаӡара иагхеит, ахәшәтәра алҵшәа аанашьҭит. Апальма зфо абжы акәзар, ҩышықәса раԥхьа Аҟәа ақалақь аҟны 18 пальма ду ԥаҳҟеит, сынтәа цыракгьы ԥаҳамҟеит… Ажәакала, арҭ зегьы (аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷақәа-азгәаҭа) рхымҩаԥгашьа ҳдыруеит, убри аҟынтәи ианахәҭоу, ишахәҭоу аҿагылара роуеит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.