АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Ақалақьқәа Аҟәеи Манагуеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Абҵара 7 рзы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Никарагуатәи иколлега Денис Монкадеи реиԥылара.
Аганқәа зҿлымҳара еицзырҭо азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иара убас рнапы аҵарҩит Аԥсни Никарагуеи 2022 шықәсазтәи русеицура аплан.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу аделегациа Никарагуа иҟоуп атәыла ахада иалхрақәа наԥшыҩцәақәак раҳасабала иалахәхаразы. Алхрақәа мҩаԥысуеит абҵара 7 рзы.
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 3 2008 шықәса рзы, шықәсык ашьҭахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәагьы рыбжьарҵеит.