Аԥсны

Аԥснытәи анаԥшыҩцәа Никарагуаҟа инеит атәыла ахада иалхрақәа рылахәхаразы

Никарагуа ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит абҵара 7 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Ареспублика Никарагуаҟа инеит атәыла ахадеи азакәанԥҵаратә усбарҭақәеи рахь имҩаԥысуа алхрақәа раан анаԥшыҩцәа раҳасабала аус рурц. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит ведомства.
Никарагуа ахада иалхрақәа ирылахәуп аполитикатә партиақәа жәаба инареиҳаны.
Аиҳабыраҿы иҟоу Амилаҭтә хақәиҭра асандинисттә фронт нанҳәа ҩба рзы иара ахьӡала кандидатцәас иқәдыргылеит уажәтәи ахада Даниель Ортегеи иԥшәмаԥҳәыс, ахада ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильои.
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 3 2008 шықәса рзы, шықәсык ашьҭахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәагьы рыбжьарҵеит.