"Ҳара иҳамоуп азакәан араионтә биуџьетқәа рышьақәырӷәӷәара иазку, уа ишаҳәо ала, аҭыԥантәи абиуџьетқәа араионтә еизара ишьақәнарӷәӷәаз, ак ацымлозар, акгьы агдырхаӡом. Ари иагьиашоуп ҳәа сахәаԥшуеит, избанзар араион аҿы иаҳа ирдыруеит рылшарақәа, иаланагало, насгьы иахьныхтәу", - ҳәа еиҭеиҳәеит аекономист.
Аԥсны Аекономикеи азини ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа иҳәеит араион иназыцҵоу ацхыраара шеихыршо, уи ԥҟарақәас иамоу атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.