Аԥсны

Урыстәылатәи аруаа Аԥсны имҩаԥыргеит Амшын еиқәа аԥшаҳәа арыцқьаразы акциа

Урыстәылатәи аруааи урҭ рҭаацәарақәеи акциа "Аԥшаҳәа цқьа" мҩаԥыргоит шықәсык ахь ҩынтә.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база Амшын еиқәа аԥшаҳәа 54 нызқь ԥшьыркца метра инареиҳаны агәамсам дрыцқьеит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Акциа "Аԥшаҳәа цқьа" аҳәаақәа ирҭагӡаны аҟәара иқәжьыз апластики егьи агәамсами ықәыргеит.
Аруааи урҭ рҭаацәарақәеи аҟәара мацара акәымкәа, амшынӡгьы дрыцқьеит.
Акциа "Аԥшаҳәа цқьа" мҩаԥыргоит рашәарамза раԥхьатәи амшқәа рзы - уи амшынҭалареи аӡсашьа арҵареи иаамҭоуп. Иара убас жьҭаарамзазгьы идрыцқьоит Амшын еиқәа Жәларбжьаратәи амш аламҭалаз.
Еизырго агәамсам зегьы апакетқәа ирҭарҵоит, нас аекологиатә нормақәа инарықәыршәаны иқәырхуеит.