Аԥсны

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацха изакәанымкәан аҳәаа ахыгара аԥырҟәҟәаауп

Аҳазалхыҩцәа иааныркылеит хыԥхьаӡара рацәала ацхеи иара злаиаргоз амашьынеи.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы иаарԥшын аҳазалхратә закәанԥҵара еилаганы аҳәаа ацха анахыргоз, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи иааныркылеит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа изакәанымкәа ииаргоз 50 ԥаҭлыка ацха. Атауар аҳәынҭқарратә гәаҭара иацәыҵәахын автомашьына "Seat ALHAMBRA" аидара ахьҭарҵо аҭыԥ аҟни ашә агәаҩараҿи.
Аҳазалхыҩцәа иааныркылеит хыԥхьаӡара рацәала ацхеи иара злаиаргоз амашьынеи анаҩстәи апроцессуалтә ҭҵааразы.
Аҳәаахьчаратә усбарҭа адырра ҟанаҵоит азин шамоу аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа рдокументқәа ргәаҭара, атранспорттә хархәагақәеи урҭ рыла имҩанырго атауари ргәаҭара аҳәаахьчаратә хылаԥшра амҩаԥгара шьаҭас иҟаҵаны.