Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Канҭариа хылаԥшрада арахә рырҳәразы Гал адепутатцәа рықәҵара атәы

Гал араионтә еизара ахантәаҩы Беслан Канҭариа арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа азиуит араион адепутатцәа хылаԥшрада ақалақь иалало арахә рзы ирыдыркылаз ақәҵара.
Sputnik
Арахә хылаԥшрада адыргацраҳәақәа рымамкәа Гал ақалақь иаларҵар ҟалом. Ус еиԥш азин еилазго административтә ҭакԥхықәра рыдлоит. Ақалақь иахьаҵанакуа арахә ҳәуазар, ахараԥса шьақәыргылоуп – 3 000 мааҭ иҷыдоу ахҵара змам рзы, ахҵара змоу – 500 мааҭ.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.