АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Аҟәа амҩақәа хԥа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит ԥхынҷкәын агәазы, ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа Анхарҭа коммуналтә нхамҩа Адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.
"Акаҭранқәҵара акәзар, ԥхынҷкәын агәазы ихыркәшахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Ацәхыԥқәа рықәҵарагьы аамҭа маҷымкәа иаҭахуп", - иҳәеит иара.
2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит ацәхыԥқәа анықәдыргылалак ҳәа иҳәеит иара.
"Абазақәа рымҩаҿы ацәхыԥқәа рықәҵара иалагеит. Лакоба имҩаҿынӡа инеихьеит, иаанхаз Арӡынба имҩахь анеироуп. Амшқәа шцо ала мызкы, мызки бжаки рыла ҳалгап ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа иҳәоит Аҩӡба.
Аамҭак ала ақәаршҩытә коллектор шьҭарҵоит. Абазақәа рымҩаҿы уи аус иалгахьеит. Џьонуа имҩаҿы кварталки бжаки аанхеит, Гәлиа имҩаҿы – кварталк.
Уаанӡа Аҟәа ақалақь аусбарҭа апресс-маҵзура иаанацҳахьан, Абазақәа рымҩаҿы хара имгакәа амашьынаргыларҭатә ҭыԥқәа ҟалоит ҳәа. Ақалақь анапхгара ирыӡбеит Аҟәатәи амҩақәа рҟны амашьынақәа рырацәареи, урҭ есышықәса рхыԥхьаӡара азҳареи инарыдҳәаланы амашьынаргыларҭа ҭыԥ аиҿкаара.