Аԥсны

Аслан Бжьаниа Даниель Ортега алхраҿы ииааира идиныҳәалеит

Никарагуа ахада иалхразы абжьыҭарақәа мҩаԥысуан амҽыша. Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рхыԥхьаӡараҿ иҟан Аԥснынтәгьы. Иара убри аҽны Аҟәеи Никарагуеи ақалақьқәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рзы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Даниель Ортега Никарагуа ахада иалхраҿы иигаз аиааира идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар рыхьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи ишәыдысныҳәалоит Ареспублика Никарагуа ахада иалхраан ижәгаз аиааира. Иреиҳаӡоу амаҵзурахьы шәеиҭалхра иаанарԥшуеит шәполитикатә хыԥша ҳаракы, Ареспублика Никарагуа атәылауаа имҩаԥыжәго аусқәа адгылара шарҭо", - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
Аԥсны
Аԥснытәи анаԥшыҩцәа Никарагуаҟа инеит атәыла ахада иалхрақәа рылахәхаразы
Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны анапхгара аҵак ду шарҭо аиҩызареи аилибакаареи шьаҭас измоу аԥсуа-никарагуатә еизыҟазаашьақәа.
"Агәра ганы сыҟоуп ҳҳәынҭқаррабжьаратә усеицура наҟ-ааҟ аинтерес ззеицҳамоу аусхкқәа зегьы рҿы аҿиара шаиуа. Агәра згоит ҳаинырра еиҳа-еиҳа аҽшарҭбаауа, ҳажәлар рымарымажараз ишыӷәӷәахо", - иҩуеит Аԥсны ахада.
Бжьаниа Даниель Ортегеи иԥшәмаԥҳәыс, ахада ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильо Самбранеи ирзеиӷьеишьеит Никарагуа аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбраҿы ақәҿиара дуқәа.
Аԥсны
Ақалақьқәа Аҟәеи Манагуеи еишьцәахеит