Аԥсны

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада амашьынақәа риагара аанкылоуп

Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахыргоз 24 машьына рымырхит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа иааныркылеит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада амашьынақәа ииазгоз ацәгьоуцәа ргәыԥ. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә аусбарҭа асаит.
Имҩаԥгаз аусҭҵаара инақәыршәаны аиҿкааратә гәыԥ шьақгылан Аԥсны, Урыстәыла, Кыргызстан атәылауаа рыла. 2020 шықәса раахыс закәаншьаҭада аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ала иԥаршеиу адокументқәа арбаны амашьынақәа Аԥснынтә Урыстәылаҟа ииаргон.
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтә амашьынақәа закәанда ралгара асхема аадырԥшит
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахыргоз 24 машьына, аҳәаанырцә тауар, ааныркылеит. Ишәамызт 18 миллион аҳазатә шәарақәа.
Азинеилагаҩцәа рганахь ала ихацыркуп ашьаус УА АЗ ахәҭаҷ 194 ахәҭа 4 ала. Ахәҭаҷ иазԥхьагәанаҭоит 7-12 шықәса ахақәиҭра алхәыдатәреи миллион мааҭ рҟынӡа ахараԥсеи.
Агәыԥ алахәылацәа ҩыџьа ырбаандаҩуп.