2021 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны афымцамчхархәара аԥара ахшәаара 38 процент иҟан ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭира" аиҳабы Алхас Ҷанба.
Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа абонентцәа ашәҟәы рҭагалара мҩаԥыргоит. Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп ареспубликаҿы аҭаҩратә хархәагақәа аахәаны рықәыргылара.
"Апрограмма хышықәса ҳәа ишьақәыргылоуп. Раԥхьа ахархәагақәа аархәоит. Ари ҽаантәи ашықәс акәхоит", - иҳәеит Ҷанба.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб ахархәара зҭоу афымцалашаразы иаҳа аԥара еизыргарц, ахылаԥшра дырӷәӷәарц анапынҵа ҟаиҵеит аусутә еилацәажәарақәа руак аан.
"Амшынеиқәафыцамч" Гәдоуҭатәи "Афымцаҭирҭа" аҟәша аиҳабы Едгар Камлиа арадио Sputnik аефир аҿы ауааԥсыра афымцалашара ахә ахызшәаауа араион аҟны ирацәамзар, аиҿкаарақәа рганахьала аҭагылазаашьа акыр ишеиӷьу.
"Алшара змоу, аха изымшәогьы ыҟоуп. Ҳара ҳахәҭаахьала аконтрольҟаҵаҩцәа хәҩык ҳамоуп, урҭ досу еихшаны ирымоуп ақыҭақәа, ақалақьқәа араион иаҵанакуа. Ауаажәлар иаҳа ирзымариазарц ашәаразы рыҩны инеины аԥара ылырхуеит. Изылшоны изымшәо ирыдгылоит, аха аԥара анрырымҭалак, иқәгьежьааны ицоит. Аԥара зымшәо ҳара иаҳзаҿыхуам, уи мариаӡам, арионтә афымцатә цәаҳәақәа русбраҭа аҟынтәи иаҭахуп атехника, ауаа. Есыҽны афымцалашара аиԥҟьара иадҳәалоу амашәырқәа ҟалоит, аусзуҩцәа уахь иныҟәоит, ҳаихьибакӡом. Гәдоуҭа араион 18 % рҟынӡа ауп ауааԥсыра афымцалашара ахә ахызшәаауа. Аиҿкаарақәа рҟны аҭагылазаашьа еиӷьуп, 92 % рҟныӡа аԥара ылаҳгоит", - иҳәеит Камлиа.