Аԥсны

Хҩык ауаа рышьразы аус ахәаԥшра ахыгоуп ахара здырҵо ахьымнеиз азы

2019 шықәса абҵарамзазы Аҟәатәи аресторан "Сан-Ремо" аҿаԥхьа ауаҩшьра ҟалеит. Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыԥсҭазаара иалҵит, ԥхынҷкәын 3 рзы ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит ахәра зауз ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ хҩык ауаа рышьразы аус ахәаԥшра ахыгоуп ахара здырҵо Беслан Бганбеи Демур Ахалаиеи ахьымнеиз азы. Бганба схы сыхьуеит ҳәа мзызс иҟаиҵеит, иҳәеит дыҟамкәа аусӡбара дшақәшаҳаҭым.
2019 шықәса абҵара 22 азы акриминал алахәылацәа Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, ақьафурҭа ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа рышьреи Русҭам Шамбеи Шамил Аҩӡбеи рышьразы аҽазышәареи рхараҵоуп ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи, Беслан Бганбеи, агәыԥ алахәылацәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.
Аӡбарҭаҿы Аҟәа аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьразы ашаҳаҭцәа ҩаԥхьа рҿахәы рҿырхит
Иара убасгьы ацәгьоуцәа закәаншьаҭада абџьар ахархәареи, атәым мазара хықәкыла ааха аҭареи рзы ахара рхарарҵоит.
Демур Ахалаиа иара убасгьы ихарарҵоит Ахра Џьопуеи иареи еилаӡаралаа абџьар, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәа ааихәеит, иҵәахынгьы иман ҳәа.
Беслан Бганбеи Аслан Блаббеи закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани реикәыршара рхарарҵоит.
Ерик Чкадуа атранспорттә хархәагақәа–Mercedes-Benz, Lexus GX рӷьычреи закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани реикәыршара ихарарҵоит.