Роспотребнадзор: 30 процент урыстәылаа аимҳәазы алаҵа ҟарҵахьеит

Аимҳәазы алаҵаҟаҵара иалагеит абҵара 3 азы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. 40 миллионҩык инареиҳаны урыстәылаа аимҳәазы алаҵа ҟарҵеит. Ари ауааԥсыра зегь рҟынтәи 29 процент ыҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Роспотребнадзор адыррақәа рыла.
"Абҵара 5 азтәи адыррақәа рыла 40 миллионҩык инареиҳаны урыстәылаа аимҳәазы алаҵа ҟарҵеит. Ари ауааԥсыра зегь рҟынтәи 29 процент ыҟоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
ОРВИ 37 регион рҿы аепидемиатә шәхымс иахысхьеит. Уи зыхҟьо аиҳаракгьы ареспиратортә вирусқәагьы рцәырҵроуп.
Аиҳаракгьы аимҳәеи ОРВИи шьҭызкаауа аиҳабыратә қәра иаҵанакуа ауааԥсыра роуп.
Аԥсны
Аԥсны аимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагеит