АҞӘА, абҵара 9– Sputnik. Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аиҳабы инапынҵақәа наигӡалоит Адамыр Гәынба, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Адамыр Гәынба - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп. Аԥсны акультура аминистрра аспециалист хадас дыҟан, иахьа уажәраанӡа аконцертқәеи агастрольқәеи рыҟәша деиҳабын. 2009 шықәсазы далгеит Калдахәаратәи ашкол-аинтернат.
Акультура аминистр Гудиса Агрба иҳәеит анапхгаҩы ҿыц аҭакԥхықәра ду шиду, иӡбатәу азҵаарақәа рацәаны иҿаԥхьа ишықәгылоу. Гунба аминистр иҭабуп ҳәа еиҳәеит иганахьала иааирԥшыз агәрагаразы.
Мышқәак раԥхьа Аԥсны-аԥыза министр Александр Анқәаби Тҟәарчаләи атеатр аусзуҩцәеи еиԥылеит. Тҟәарчалтәи Аԥсуа ҳәынҭқарратә акамедиатә театр асахьаркыратә напхгаҩы, арежиссиор Сырбеи Сангәылиеи, арежиссиор-ақәыргылаҩ Роман Сабуеи, актиор Ахра Кәарҷиеи аԥыза-министри атеатр анапхаҩ ҿыц иаҭаразы азҵаара иалацәажәеит.
Иахьа Аԥсны аус руеит ԥшь-театрк: Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр, Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр, Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр.
Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр шьаҭаркын 1955 шықәсазы. Уи асценаҟны раԥхьаӡа иқәдыргылаз комедианы иҟалеит аԥсуа актиор, арежиссиор, адраматург, СССР Жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа ииҩыз апиеса "Ачара ду". Уи иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, 2003 шықәсазы ари атеатр ихьӡ ахырҵеит.