Урыстәылеи аҽа жә-тәылаки рыбжьара аҳаиртә еимадара рыбжьарҵеит

Уажәшьҭарнахыс Шәачатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә Амстердами Тегерани рахь аԥырра ҟалоит абҵара 9 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Абҵара 9 инаркны Урыстәыла еиҭахацнаркит COVID-19 апандемиаз иаркыз аҳаиртә еимадарақәа Багамы, Иран, Нидерланды, Норвегиа, Оман, Словениа, Тунис, Швециа, Таиланд рахь, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ирани Нидерланды рахь Шәачантәи ареисқәа шьақәыргылоуп: амаршрут Шәача — Тегеран мчыбжьык ахь знык, амаршрут Шәача — Амстердам — ҩынтә.
Уи адагьы абҵара 9 инаркны ихацыркуп Австриа, Швеицариа, Финлиандиа, Арабтәи Еиду Аемиратқәа рахь ареисқәа ирыцҵоуп. Иара убас, Албаниа, Болгариа, Венесуела, Венгриа, Германиа, Бырзентәыла, Испаниа, Италиа, Мальдивы, Мальта, Македониа, Франциа рахь.
Аҳаиртә еимадарақәа ԥкын 2020 шықәса хәажәкыра 7 азы.
Урыстәыла атәылақәа даҽа ԥшьба рахь аҳаиртә еимадара хацнаркит