Аԥсны

Бжьаниа Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рхадацәа афымцалашараз ашәахтә аизгара иацырҵарц рыдиҵеит

2021 шықәса цәыббрамзаахыс Аԥсны афымцалашара ахәԥса аизгара 38 процент роуп иҟоу.
Sputnik
ГӘДОУҬА, абҵара 10 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Гәдоуҭа араион актив рԥылараан Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рхадацәа ахы иархәоу афымцалашараз ашәахтә аизгара шьҭырхырц рыдиҵеит.
"Абҵара-ԥхынҷкәын аҩнуҵҟа иҵоуроу адинамика ҟалароуп. Аҭыԥқәа рҿы аенергетикцәа адԥхьаланы аԥара зымшәо асистема иаҿышәхла, амчра шшәымоу аашәырԥшы. Ауара-аҭынхара шәыннакылозар, уи зылшо аҿар амҩа рышәҭ", - ҳәа иҳәеит ахада.
Арадио
Камлиа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҟны афымцалашара ахә шаҟаҩы иахыршәаауа
Бжьаниа иҳәеит знапынҵақәа ззынамыгӡо ауаа русура иамххоит ҳәа.
Ахада иҳәеит ақыҭақәа жәпакы рҿы аԥареизгара шылаҟәу, уи зыршаҳаҭуа аҿырԥштәқәагьы ааигеит.
Уаанӡа "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара аҭира аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷанба Sputnik иазеиҭеиҳәахьан 2021 шықәса цәыббрамзаахыс Аԥсны афымцалашара ахәԥса аизгара 38 процент роуп иҟоу ҳәа.
Аԥсны
Избан Аԥсны алашара аԥара ахшәаара зырҭахым