Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҿы абизнес льготала акредитқәа аиур ҟалоит

Аслан Бжьаниа Москваҟа иныҟәара аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит 2022 шықәса аҩбатәи аԥшьбарак ашьҭахь Аԥсны абизнес льготала акредитқәа аҭара апрограмма аетап ҿыц иалагоит ҳәа.
Sputnik
ГӘДОУҬА, абҵара 10 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит Гәдоуҭа араион аҿы абизнес урыстәылатәи абанкқәа рҟынтәи льготала акредитқәа аиур ҟалоит ҳәа.
Иара иҳәеит апрограмма уаанӡатәи аетапқәа раан араион алахәӡамызт ҳәа.
"Аекономика аминистррахь идҵаалатәуп. Иахәҭоу аҭахрақәа еилкаатәуп, апроектқәа азырхиатәуп. Урыстәылатәи абанкқәа иалыркаауа апроектқәа ара инагӡахоит", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион ахада Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит араион абиуџьет анагӡашьа атәы
2015 шықәсазы Аԥсны аекономика аминистрреи Москва аинвестициатә маҵзуреи иаԥшьыргеит апрограмма – урыстәылатәи абанкқәа хԥа аԥснытәи анаплакыҩцәа 10% иҟоу льготала акредитқәа рыҭара алзыршо.
Акредитзоужьра иартәоит миллиардки 200 миллион мааҭ.
Бжьаниеи Хуснуллини Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит