Гинцбург хымԥадатәи алаҵаҟаҵара ахәҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит

Цәыббрамза анҵәамҭазы ВОЗ аҳәамҭа ҟанаҵеит SARS-CoV-2 иахҟьаны аԥсыҭбарақәеи апрофилактикатә иммунизациа мап ацәкреи еидҳәалоуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Гамалеи ихьӡ зху Ацентр адиректор Александр Гинцбург "Российскаиа газета" аинтервиу аҭо иҳәеит коронавирус аҟынтә алаҵа хымԥадатәуп ҳәа.
Иара иажәақәа рыла, COVID-19 уаиааирц Урыстәыла ауааԥсыра рҟынтә 70-75 процент алаҵа ҟарҵароуп.
"Уи азы ари алаҵа алаҵаҟаҵараз Амилаҭтә мзар иалагалатәуп. Алаҵаҟаҵарагьы хымԥадатәызароуп", - ҳәа иҳәеит Гинцбург.
Гамалеи ихьӡ зху Ацентр адиректор Александр Гинцбург иазгәеиҭеит ауааԥсыра аинформациа рызнагараз аусура шаҭаху.
"Ахәыҷқәагьы адуцәа реиԥш алаҵаҟаҵара иаршьцылалатәуп", - ҳәа иҳәоит аҵарауаҩ.
Петербург 60 шықәса еиҳаны изхыҵуа рзы хымԥадатәи алаҵаҟаҵара аларгалеит
Уаанӡа урыстәылатәи абизнесуаа ажәалагала ҟарҵахьан алаҵаҟаҵара хымԥадатәизарц. Кремль аҳәамҭа ҟанаҵеит абри азы макьаназ акгьы шырмыӡбац, акоронавирустә ҭагылазаашьа ишашьклаԥштәу.