Аԥсны

Иааиуа ашықәс азы Никарагуа иаартхоит Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа

Абҵара 6 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Ареспублика Никарагуаҟа инеит атәыла ахадеи азакәанԥҵаратә усбарҭақәеи рахь имҩаԥысуа алхрақәа раан анаԥшыҩцәа раҳасабала аус рурц.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik. Иааиуа ашықәс азы Никарагуа иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартра иҳәеит Аԥсны ААР аминистр Даур Ақаҩба Никарагуа ахада Даниел Ортега даниԥылоз.

Иааиуа ашықәс азы Никарагуа иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартра. Уи иаҳнаҭоит алшара ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа инарҭбааны рырҿиара.

Даур Ақаҩба
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр
Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәеит хара имгакәа аусеицуратә планқәа рылацәажәаразы Аԥснынтә Никарагуаҟа аделегациа неираны ишыҟоу.
Аиԥылараҿы Ақаҩба Ортега ииҭеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ишәҟәы. Аԥсны ахада Ортега иааира иҟоу имшира идиныҳәалоит, иазгәеиҭоит "атәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы аҿиара роуп" ҳәа дшақәгәыӷуа.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Даниель Ортега алхраҿы ииааира идиныҳәалеит
Амҽыша, абҵара 8 азы имҩаԥысыз Никарагуа ахада иалхрақәа раан 97,74% абиуллетенқәа анырыԥхьаӡа ашьҭахь еилкаахеит Даниель Ортегеи иԥшәмаԥҳәыс, ахада ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильо Самбранеи аиааира шыргаз.
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 3 2008 шықәса рзы, шықәсык ашьҭахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәагьы рыбжьарҵеит.